Аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара аус ҵыԥх аахыс иаҿуп, 20% ауааԥсыра ақыҭаҿы аӡы рымамкәа иҟан иҳәеит Агрба.
"Ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәақәа зынӡагьы иҟамызт. Урҭ ҳарзыԥшуижьҭеи акрааҵуеит. Асовет аамҭазы еиуеиԥшым апроеткқәа рыҟаҵара иаҿын, аха алҵшәа амаӡамызт. Ирзыҟамҵеит усҟан. Ари апроект ақыҭақәа жәпакы еиднакылоит, амҽхак ҭбаауп. Дәрыԥшь аӡы ахьыҵыҵуа аҟынтә иаагоуп ацәаҳәақәа аиха иалху. Иҟаҵоуп аӡеизгарҭатә ҭыԥқәа. Аусқәа реиҳарак ҵыԥх иҟаҵан, ақыҭа ауааԥсыра реиҳараҩык аӡы роуеит, сынтәатәи аусурақәа рымҽхак маҷуп", – еиҭеиҳәеит Агрба.
Апроект ахыркәшарахь ианнеилак 300 ҭӡы рҟынӡа аӡы роуеит. Уаанӡа аӡазы ауадаҩра дуқәа ҳаман, ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
"Анхацәа аҵеиџьқәа ракәын рхы иадырхәоз, аԥхын урҭ ҭабон. Аӡқәа ахьааиуаз аҭыԥқәа рҿы иахьаангылаз ыҟоуп. Алшара змаз аԥара хшәааны амашьына дуқәа рыла аӡы ааргон. Ауадаҩрақәа рацәан даара. Быжь-тоннак зкуаз амашьына х-нызқь ҳәа иаҳзааргон, уи мчыбжьык акәын иахьҳазхоз", - еиҭеиҳәеит Агрба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.