АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Украина амаҵзура ҷыдақәа Амшынеиқәатә флот аӷбаҿы имҩаԥыргарц ирыгәҭакыз атеракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит УА АШәМ.
"Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иаԥнырҟәҟәааит Украина амаҵзура ҷыдақәа Амшынеиқәатә флот икылкаан ихысуа аракетақәа зықәгыло аӷбақәа руак аҿы имҩаԥыргарц ирыгәҭакыз атеракт. Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны даанкылан ураинатәи амаҵзура ҷыдақәа идыртәыртәыз Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә флот аррамаҵзуҩы. Иара имхуп артҟәацгақәа ҩба, атротилтә шьашәалала кьылак иҟаз", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ашьаус хацыркхоит УА АЗ ахәҭаҷ 205 ("Атеррористтә акт"), ахәҭаҷ 222.1 ("Закәаншьаҭада артҟәацгақәа реикәыршара"), ахәҭаҷ 275 ("Аҳәынҭқарратә ԥсахра"), ахәҭаҷ 283 ("Аҳәынҭқарратә маӡа аргамара") инарықәыршәаны.