Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабекьиа ашәырхкқәа рааӡарҭаҿы ицо аусурақәа ирызкны

Ақыҭанхамҩа Аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, уажәааны аҵиаақәа рааӡарҭаҿы имҩаԥырго аусурақәеи аиҭаҳатә ахәаҷа-маҷақәа ишырцәырахьчои ртәы.
Sputnik
Сабекьиа иажәақәа рыла, ашәыр ааӡарҭаҿы Аԥсны изызҳауа рыхкқәа зегьы шрымоу, аиҭаҳатә рацәа ааӡарагьы ишазҿлымҳау. Аиҭаҳатә ишахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа инеиаанӡа ирацәаны аусутә мҩаԥгатәуп, уи апроцесс атәы далацәажәеит.
Сабекьиа далацәажәеит аҵиаақәа шырхәышәтәуа атәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.