АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аԥшаҳәа "Алашарбага" иатәу шәачатәи аплиажқәа амшцәгьа иахҟьаны иаркуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ԥхынгәы 28-29 рзы Шәача амшцәгьа бааԥсы ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп. Аҳауагәаҭыҩцәа ақәаршыҩ леир алшоит, уи иахҟьаны аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит, ашьхарахь аҳәынҵәеиларшьшь леир алшоит, амшын аԥшатлакә хылар ауеит ҳәа ргәырҽанырҵеит.
Амшцәгьа иахҟьаны Гәыбаадәы аӷбашахатә мҩа аркуп. Иара убас шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟны 13 реис аанкылоуп.
Ақалақь амаҵзурақәа зегьы русура дырӷәӷәеит.