Аԥсны

"Жәлар рпрезидент" игәаларшәара: Тарас Шамба 85 шықәса ихыҵуазаарын

Ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба иахьа ихыҵуазаарын 85 шықәса.
Sputnik
Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Тарас Шамба диит Аҟәа, ԥхынгәы 29 1938 шықәсазы. Иара илшамҭақәа рацәоуп аԥсуааи абазақәеи реидкылареи, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны зҵакы ӷәӷәоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аԥҵареи рыҟны.
Тарас Шамба аполитикеи ауаажәларратә ԥсҭазаареи рахь ихьаԥшра иахыҵхарҭоуп иахьизҳауаз иҩны. Иаб ауаажәларратә усзуҩ Мирон Шамба лассы-ласс далацәажәон аԥсуаа рҭоурыхи амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи. Заԥхьаҟа ауаажәларра-политикатә усзуҩхараны иҟаз иларааӡуан агәымшәареи аԥсадгьыл абзиабареи.
1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Уи аамҭазы аԥсуа депутатс иқәыргылара даара иуадаҩын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы Тарас Шамба еиқәиршәеит, анаҩс иахьатәи атәыла азакәан хада аиқәыршәараан ахархәара зызуз Аԥсны Аконституциа апроект.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Тарас Шамба Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.
Тарас Шамба еицырдыруа ауаажәларреи аполиткатәи аусзуҩ иаҳасаб анаҩсгьы, иара зыҩаӡара ҳаракыз азиндырҩын. Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә ахәҳаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп.
Тарас Шамба – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан. Ауаажәлар рыбжьара иқәыз апату азы "жәлар рпрезидент" ҳәа изырҳәон.
2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".
Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва, жьҭаара 13 2020 шықәсазы, акоронавирус анихь ашьҭахь.
1 / 15

Тарас Шамба диит Аҟәа, ԥхынгәы 29 1938 шықәсазы. Афотосахьаҟны Тарас иан Лидиа Ешԥҳаи, иаҳәшьа Еҭерии иареи.

2 / 15

1963 шықәсазы Тарас Шамба Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет далганы аусура далагеит Аҟәатәи апрокуратураҿ аусеиларгаҩыс, иара убас КПСС Аԥснытәи обком амҩақәҵаҩс.

3 / 15

Тарас Шамба 1975 шықәсазы икандидаттә диссертациа анихьчоз аамҭазы.

4 / 15

Тарас иаб Мирон Шамбеи иареи.

5 / 15

Москва инхо аԥсуаа реиԥылара, арымарахьтәи арыӷьарахь: Нона Кәырмазиа, Фазиль Искандер, Тарас Шамба, Золотинск Агрба. Москва, хәажәкыра 1977 ш.

6 / 15

V аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс аартра. Ԥхынҷкәын 14 2006 ш.

7 / 15

Аԥсуа делегациа Тунис рыҟазаараан.

8 / 15

Тарас Шамба Америка данаҭааз.

9 / 15

Тарас Шамбеи Иорданиа иҟоу аԥсуаа рхеилак алахәыла, аҭауад Гечба Бах Сеифеддини. Амман, 1994 ш.

10 / 15

Сҭамԥыл 2006 шықәсазы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны аԥсуа хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.

11 / 15

Тарас Шамба 25 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас дыҟан.

12 / 15

Черкесск 2006 шықәсазы Тараса Шамбеи Карачы-Черкессктәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Сергеи Смородини реиԥылара.

13 / 15

1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Ари аамҭазы аԥсуа депутатс иқәыргылара даара иуадаҩын.

14 / 15

Тарас Шамба иреиҳау ауаажәларратә ҳамҭа - "Урыстәыла агәадура" аорден ианашьараан.

15 / 15

Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва, жьҭаара 13 2020 шықәсазы, акоронавирус анихь ашьҭахь.