АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара атәыла аԥрынџь алгара азин ҟанаҵом 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа ҭышәынтәаланы иаанхарц азы ҳәа аарыцҳауеит Аиҳабыра ртелеграм-канал аҿы.
Аиҳабыра аамҭала аԥрынџь аалыҵ алгаразы ақәиҭымтәра ҟарҵеит. Аԥкра амч амазаауеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа. Абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа ҭышәынтәаланы иаанхарц азы", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп Евразиатәи аекономикатә еидгыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рахь аԥрынџь уаанӡеиԥш ишынарышьҭло. Уи адагьы, аԥрынџь аҳәаанырцәҟа ирышьҭлоит агуманитартә цхыраара аҳасабалеи, иара убас аҳәаанырцәтә транзиттә мҩангарақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны.