Урыстәыла

Путин: аурыс флот аҵакы хада - Аџьынџь ахьчара

Урыстәыла есышықәса Арра-мшынтә флот амш азгәарҭоит ԥхынгәымза аҵыхәтәантәи амҽышазы. Ари амш аҽны Санкт-Петербург Кронштадт ареиди афлотқәа рыҟныи имҩаԥысуеит итрадициатәу арра-мшынтә паради аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Аурыс флот изныкымкәан уаҩ дахьзымнеиуа абаа еиԥш аӷа иҿагылахьан, иара аҵакы хада - аџьынџь ахьчара ауп ҳәа иҳәеит Урыстәыла Арра-мшынтә флот амш аҳаҭыр азын имҩаԥгаз апарад аҟны атәыла ахада Владимир Путин.

Арра-мшынтә флот аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы анагӡареи хьаҳәа-ԥаҳәада руалԥшьа анагӡареи рзы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, урыстәылатәи афлот - изықәгәыӷуа аҳәаақәа зыхьчо акәны ишыҟоу.

Урыстәыла ахада Петропавловсктәи абаа ашҟа днеит, уантәи акатерла аӷбақәа ргәаҭара дцоит. Аныҳәа рыдиныҳәалоит амшынуаа. Акатер аҿы иара дицуп Урыстәыла атәылахьчара аминистр, атәыла ахада ишьапы дшықәгылаз аминистри иареи еицәажәеит.