Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырба Урыстәылазегьтәи алитературатә еицлабраҿы иоуз аԥхьахә атәы

Апоет ҿа Ҳаџьараҭ Џьыкырба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәылазегьтәи алитературатә еицлабра ихы шалаирхәыз, уаҟа иааникылаз аԥхьахәтә ҭыԥ атәы.
Sputnik
Чечентәыла имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи алитературатә еицлабра "Литературная вахта памяти" Кавказ анемец мпыҵахалыҩцәа рҟынтә ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра инамаданы. Аицлабраҿы апоезиа аноминациаҟны Ҳаџьараҭ Џьыкырба актәи аҭыԥ ианашьахеит.
Сынтәа Џьыкьырба дрыдыркылеит "Кавказ ашәҟәыҩҩцәа рыклуб" ахь. Иара ишиҳәаз ала, аицлабра аҽалархәразы аԥҟара зныз ашәҟәы аашьҭын "Кавказ ашәҟәыҩҩцәа рыклуб" ахантәаҩы Миасат Муслимова лҟынтә.
"Ари аицлабра зызку Кавказ ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра ауп, уи инадҳәаланы ажәеинраалақәа зегьы аибашьреи апатриотизми атемақәа ирызку ауп ирыдыркылоз. Ус еиԥш иҩу сыман, исышьҭит ԥшь-жәеинраалак, амза 28 рзы ажиури аихшьаалақәа ҟарҵан, актәи аҭыԥ санаршьеит", - иҳәеит Џьыкырба.
Иара иазгәеиҭеит, ирҿиараҟны дыззаҭгыло атемақәа шеиԥшым, иҟоуп аибашьратә лирика, апеизажтә, абзиабаратә уҳәа. Алитературатә еицлабраҟны иалкаахаз, аԥхьахә занашьахаз иажәеинралаақәа рызкын 1941- 1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз хҩык иабду иашьцәа.
Џьыкырба ишиҳәаз ала, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 2004 шықәсазы. Ааигәа иҭыҵит еизга "Бзыбская Абхазия". Нанҳәамзазы Санкт- Петербург иҭыҵраны иҟоуп даҽа шәҟәык "Льется в море Бзып широкий".
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшот аудиофаил аҟны хыхь.