АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Баҭымтәи абаӷәазаҿ урыстәылатәи атуристцәа зҭоу алаинер анеира иаҿагыло жәҩык акциа алахәылацәа ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
"Азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ааԥхьарақәа акырынтә ишыҟарҵахьазгьы, амитинг алахәылацәа азакәан ирыднаҵоз иазымӡырҩит, уи иахҟьаны жәҩык аанкылоуп", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура арелиз аҟны.
Қырҭтәылатәи аоппазициа аҿагыларатә акциа амҩаԥгара иалагеит иаҳхысыз амчыбжь азы. Дара урыстәылатәи атуристцәа зҭоу алаинер Astoria Grande Баҭымҟа иахьнеиз жәларбжьаратәи асанкциақәа еиланагоит ҳәа иазырԥхьаӡеит, атәыла анапхгара алаинер Палау абираҟ иаҵагылоуп асанкциақәа ирыҵанакуам ҳәа шырԥхьаӡогьы.
Акруизтә лаинер Astoria Grande уаҳа Баҭымҟа ишымнеиуа азы адыррақәа аагоуп акруизқәа рыҭира амаҵзура аҟынтәи.