Урыстәыла

Урыстәылатәи асаитқәа аҳәаанырцәтәи e-mail ала аҽҭагалара азин рымххоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵаҩит, ԥхынҷкәынмза инаркны урыстәылатәи асаитқәа аҳәаанырцәтәи аелектронтә почтақәа рыла аҽҭагалара азин шрымам азы.
Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
Урыстәылатәи асаитқәа аҽҭагалараз иаҭаххоит ԥшь-хырхарҭак:
Урыстәылатәи аоператор аҭел ахыԥхьаӡарақәа рыла,
"Аҳәынҭмаҵзура" ала,
Еиду абиометратә системала,
Урыстәыла атәылауҩ иидыруа даҽа аинфосистемак ала,
урыстәылатәи аиурист хаҿы ила.
Арҭ аҭахрақәа амч роуеит ԥхынҷкәын 1 2023 шықәса инаркны.