Бжьаратәла мышкы аҳаԥы иахьазы иаҭаауа рхыԥхьаӡара 40-50 раҟара ыҟоуп ҳәа иҳәеит Адлеиба. Аблеҭқәа рыхәқәа шыҟац иаанхоит: адуцәа - 300 мааҭ, ахәыҷқәа -150 мааҭ, бжьышықәса рҟынӡа ахәыҷқәа хәыда-ԥсада аҳаԥы иҭарҵоит. Аекскурсиа 40 минуҭ ицоит, иҳәеит аҳаԥы аиҳабы.
"Сынтәа аԥсшьара аамҭа иалагаанӡа ауаа рацәахоит ҳәа ҳаҳауан. Иҟалап Аԥсны ирацәазаргьы, ҳа ҳахь иаауа иҵегьы еиӷьхоз џьысшьон (рхыԥхьаӡара-азгәаҭа), аха ҵыԥх еиԥш ауп сынтәагьы ишыҟоу. Абаржәы ҳалагеижьҭеи ҩымз рыла 2-нызқьҩык раҟара ауп иаҳашьҭхьоу, уаҳа ҳамаӡам, рхыԥхьаӡара иацлаз ҳәа акгьы збом", - иҳәеит Адлеиба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.