Арадио

Еныкь ақәыргыламҭа "Ишьаарҵәырахаз ачара" аус адызуло рзы: узхыҽхәаша роуп

Нхыҵ Уаԥстәылатәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Валиеви ауаԥс хореограф Валери Суанови аус адырулоит аспектакль "Ишьаарҵәырахаз ачара". Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаԥс режиссиор аус ицура шымҩаԥысуеи аԥхьарбара аназгәаҭоуи.
Sputnik
Нхыҵ Уаԥстәылатәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Валиеви ауаԥс хореограф Валери Суанови аус адырулоит ақәыргыламҭа "Ишьаарҵәырахаз ачара". Амаҭәеи асценографиеи аус рыдылулоит Лариса Валиева. Ақәыргыламҭа аԥхьарбара азгәаҭоуп нанҳәа 22 рзы.
"Арежиссиор ԥхынгәы алагамҭазы дыҟан. Ҳатруппа аӡәаӡәала дырхысит, хаҿсахьала ииҭахыз алихит. Иаразнак изыманшәалахаз рацәаҩхеит, аха ахадаратә рольқәа назыгӡо ҳәа 3-4 раҟара игәеиҭақәаз ыҟоуп, мчыбжьык- ҩымчыбжь дагьадхалеит. Арольқәа знык ианышьақәиргыла хымԥада иманшәалахеит. Иазгәасҭарц исҭаху, иусушьа убасҟак иманшәалоуп, иҟалап дахьактиору, дахьрежиссиору акәзар. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны актиорцәа рперсонажцәа уамашәа иубартә еиԥш иалеигалон. Ҩынтә-хынтә ҳаиқәшәеит, анаҩс, иаразнак асцена ҳақәлеит… Уамашәа иубартә еиԥш даараӡа иусушьа бзиоуп, ҳактиорцәа рзы ԥышәа бзиоуп, сеигәырӷьоит дахьааз ", - иҳәеит Еныкь.
Еныкь иажәақәа рыла, ақәыргыламҭа иалоуп акәашарақәа, ирацәаны апластика, иҟоуп апиесаҿы иарбаз, аха ақәыргыламҭа иаламлаз, мамзаргьы иациҵаз ахаҿсахьақәа.
"Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп, убасҟак иуадаҩуп апластикеи акәашарақәеи, ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи ирцәыуадаҩуп, аха иаҿуп. Иҭабуп ҳәа расҳәаргьы сҭахуп асцена ҳазҭаз Валери Ҭаниа напхгара зиҭо Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз ахәынҭқарратә ансамбль. Аԥсуа театр асцена аҟны аспектакльқәа цоит азы еснагь узнеиӡом. Арҭ акәашарақәа еиԥымкрада уҽырзыҟауҵароуп. Аспектакль ҳатруппа зегьы алахәуп, иаҳзымхаз анҭыҵынтә ҳзыԥхьазгьы ыҟоуп, еиҳарак акәашацәа", - иҳәеит Еныкь.
Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь ауаԥс арежиссиор, иара убас акәашарақәа рықәыргылаҩи, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩи узхыҽхәаша ракәны ишыҟоу.
Аиспан драматург Федерико Гарсиа Лорка итрагедиа "Ишьаарҵәырахаз ачара" 1960-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәиргылахьан арежиссиор Хәыта Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.