Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ацхыраара знаҭо аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәа ирзеиҿкааз аԥхынтәи алагер “Аԥеиԥш” хыркәшоуп. Уи иалахәын 30-ҩык Аԥсны ахи аҵыхәеи рҟынтәи ахәыҷқәа. Алагер сынтәа еиҿкаан Аԥснытәи Аҳәынҭкарратә университет азеиԥш нхарҭа ахыбраҟны. Апроект адгылара анаҭеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис. Ахәыҷқәа алагер аҟны иҟан ҩымчыбжьа.
Зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа ахәыҷқәа рзы ас еиԥш иҟоу апроект аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара “Кьараз” анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
"Ахәыҷқәа зықьҩык инареиҳаны иҟоуп, аха 30-ҩык алҳхит иаҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу, ан ма аб дахьыҟам, мамзаргьы аԥсихологиатә ус иаҳа иззымҩаԥгатәыз", - иҳәеит Аргәын.
Иара иажәақәа рыла ахәыҷқәа аус рыдулара цон апрограмма инақәыршәаны, уи азы еиуеиԥшым аспециалистцәа адыԥхьалан.
"Агәыԥ аҿы аиҩызара ашьақәыргылара, ахымҩаԥгашьа, аҭаацәа рҟны, адәахьы рхы шымҩаԥыргаша, убас еиԥш аимадара аԥаҳҵон. Уи адагьы аекскурсиақәа рахь иаҳгон ахәыҷқәа. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакцәа машьынала иааны ахәыҷқәа иддырбеит рус шымҩаԥырго, уи даара гәахәарыла ирыдыркылеит", - иҳәеит Аргәын.
Иара иазгәеиҭеит "Кьараз" ацхыраара знаҭо ахәыҷқәа рҭагылазаашьа шымариам, аҭаацәа ҳәа иҟоу аилкаара иацәҟьаланы ишыҟоу. Аргәын агәыӷра ааирԥшит ахәыҷқәа рзы алагерқәа имаҷымкәа реиҿкааразы алшарақәа ҟалап ҳәа аҳәынҭқарраҿы.
"Ҳара ҳаиҿкаара маҷуп. Ас еиԥш алагерқәа зылшо аҳәынҭқарра ауп. Ҳгәыӷуеит ҽааны, ма иааиуа ашықәсқәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҳхәыҷқәа рзы ашьха, ма амшын аԥшаҳәаҿы абаза ҳасабала идыргылоит ҳәа. Ари иаҭаху усуп. Ҳаиҳабацәа рхаан апионертә лагерқәа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәаны аҭыпқәа рҿы иҟан. Сынтәа Аҟәа ашкол "Альфа" ахыбраҿы џьарак иҟарҵеит. Уи бзиоуп, аха имаҷуп", - иҳәеит Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.