Аԥсны

"Аԥсны аихамҩақәа" адәыӷба аангыларҭақәа ԥшьбеи авокзалқәа хԥеи рҟны аусурақәа мҩаԥнагоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Авокзал "Аҟәа" аҿы абыркьылҭаԥса ықәдыргылоит, ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵоит, аидарақәа рышьҭаҵарҭа дәаҿы ахыб рыԥсахуеит.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала авокзал аҵакыра дрыцқьахьеит, аестакадақәа рышәра иалагеит.
Авокзал "Гәдоуҭа" ахыб аԥсахразгьы аусурақәа ирҿуп. Ахыбра аҩнуҵҟа аргыларатә гәамсам аҟынтәи ирыцқьоуп. Иахәҭаны иҟоу аргыларатә материалқәа аархәахьеит, ахыб ҿыц ақәҵараз аизакра иаҿуп. Анаҩс ахыбра адԥшылара дырҽеираны иҟоуп.
Абаркьылҭаԥсақәа рыԥсахуеит аангыларҭа "Гәыма" аҿгьы.
Аангыларҭа "Гагрыԥшь" ахыби аҿаԥшылареи шьаҭанкыла идырҽеихьеит. Афон Ҿыц аҿы аԥснытәи аинвесторцәа адәыӷба аангылараҭа "Ԥсырцха" аиҭашьақәыргылара нап адыркит.
Аангыларҭа "Абаҭаа" аҟны азыҟаҵаратә усурақәа хыркәшаны лассы ахаҳәҟьаԥс ақәҵара иалагоит. Афымцатәцәаҳәақәа зехьынџьара имҩаныргахьеит.