Ақыҭа аҿар рыбжьара ирылаҳәаз "Ҳалшара" захьӡу аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны адгылара зырҭо апроектқәа хәба алкаауп. Ари аицлабра ахықәкы – ақыҭаҿ иҟоу аҿар амилаҭтә наплакҩцәа ралԥшаара, ақыҭаԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар аџьауси аԥсадгьыл абзиабара рылааӡара ауп.
Иалкаау апроектқәа арҭ апринципқәа иахьанӡарықәшәо, иарбан проектқәоу иалкаау, насгьы анагӡара аус шеиҿкаахо, аԥхьаҟа уи арҭбаара шазгәаҭахо атәы еиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы. Апроект "Ҳалшара" алахәыла Очамчыра инхо Беслан Воуба еиҭеиҳәеит инапы злаку амҿы аус адулараҟны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы цхыраарас инаҭо атәы.
Ақыҭа аҿар рыбжьара ирылаҳәаз аицлабра "Ҳалшара" иалахәхар рылшон ақыҭаҟны инхо анапҟазара знапы алаку 14 шықәса инаркны 30 шықәса зхыҵуа аҿар. Апроект азы иззыҳәо аԥара 200 нызқь мааҭ иреиҳамзар акәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.