Арадио

Зхьышьҭра змырӡыз: адыга ԥҳәызба Џьемре Жаде еиҭалҳәеит Аԥсныҟа нхара дшааз

Sputnik
Арадио Sputnik адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еиҭарҳәоит. Урҭ рабацәеи, рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа иалацәажәоит.
Жәаф шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ииасыз асоциолог, адыга ԥҳәызба Џьемре Жаде еиҭалҳәеит лабду дхәыҷаахыс гәыҵхас имаз, иара аԥсҭазаара изалмырҵәаз игәахтәы шыналыгӡаз, еидылкылеит Аԥсны раԥхьатәи ашықәсқәа рзы данааз аҭагылазаашьеи иахьатәии.
"Раԥхьатәи ашықәс азы Ҭырқәтәыла иаҳдыруаз адунеи зегь аҟынтәи аџьармыкьаҿы иуԥылоз (атауарқәа-азгәаҭа) ара иаҳбаӡомызт, уажәшьҭа урҭ ыҟоуп, аха раахәара зегьы амч рымаӡам. Аҿар рзы аусурҭа аҭыԥ ҿыцқәа ыҟаӡам. Аԥсны атуризм ахырхарҭа ада аусурҭа аҭыԥқәа акыр иацаҳҵаӡом, ҳрызхәыцӡом. Ҳара ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны ҳанхарц азы, ара аҿар рхатә ус ҟарҵароуп. Адгьыл иқәаарыхыр рҭахӡам, ақалақь аҿы инхар рҭахуп, уи еилыскаауеит, аха аҳәынҭқарра ииашаны ацхыраара шьақәнаргылар, аҿар ақыҭаҿгьы иаанхоит. Ҳара ҳаԥсадгьыл аҿы ҳхьыԥшымны ҳанхарц азы иаҭаху ҳазхәыцуазароуп", - лҳәеит Жаде.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.