Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Бедиатәи аныхабаа иазкны

Sputnik
Тҟәарчал араион Агәыбедиа X ашәышықәсазы иргылаз аныхабаа ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара ааха аҭан, аиҭашьақәыргылара ахарџь рацәа агоит. Бедиатәи аныхабаа Аԥсны ақьырсианра арҿиараҟны ҭыԥс иааннакылоз, уи аиҭашьақәыргыларазы лшарас иҟоу, ҳтәылауааи асасцәеи ари аҭыԥ ԥшьа иахьынӡазҿлымҳау атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.