Анаплакҩы ицәажәараҿы иазгәеиҭеит араса аарыхра, аҭира ауадаҩрақәа цәырнагозаргьы, аԥсуа нхаҩы изы зегь акоуп иманшәалоу культуроуп ҳәа.
"Анхаҩы изы иаҳа дзықәгәыӷуа алаҵамҭоуп, абри абанк аԥара узалазар еиԥш", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иара иазгәеиҭеит араса ахә иахьазы 100-120 мааҭ ишыҟоу, уи иҩам аалыҵ азы ибзиоу ахәны ишыҟоу, ус ала анхацәа ирзыҭиир.
"Сынтәа араса ишахәҭоу аџьабаа адызбалаз, изхәшәтәыз рыҟны ахаҭабзиара ҳаракхеит. Аптгьы аԥырхага уамак ҟанамҵеит. Ари ахырхарҭа (араса аарыхра-азгәаҭа) ацхыраара, адгылара аҭахуп. Анхаҩы иахьа иџьабаа рацәоуп, культурак мацарала ихы изныҟәгаӡом, ақыҭанхамҩаҟны зегьы изеилагӡаӡом. Иаҳҳәап, тоннак ахьҭазгалоз сынтәа 600 кьыла рыда сызҭамгалаӡеит. Сынтәа аҽаҩра маҷуп, аха ахаҭабзиара еиҳахеит. Аԥсабараҿы еибакапануеит ус, ахыԥхьаӡара анырацәоу ичичиахоит, ианмаҷу иаҳа иҟәазхоит. Ҵыԥхи сынтәеи аҽаҩра еидукылозар 30 % рҟынӡа иаҳа имаҷхеит, аха ахаҭабзиарагьы еиҳахеит, ахәгьы еиҳахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.