Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев 400-ҩык рҟынӡа асолдацәа ацәыӡит

Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла Украина арбџьармчқәа рҽазыршәеит Донецктәи, Алада-Донецктәи, Купиансктәи, Краснолимантәи ахырхарҭақәа рҿы ижәыларц.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Киев 380-ҩык асолдацәа ацәыӡит Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, урыстәылатәи архәҭақәа ари ахырхарҭаҿы иҭадырхеит атанк, акәылӡмашьынақәа хәба, автомашьынақәа ԥшьба, артиллериатә шьақәгыла "Krab", атанкԥжәага пушка "Рапира".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ 175-ҩык асолдаҭцәеи, танкки,акәылӡмашьынақәа ҩбеи, автомашьынақәа ҩбеи, ҩ-артиллериатә системак М777, агаубица Д-30 ацәыӡит.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы ишьуп 45-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, атанкқәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Акация", агаубица Д-20, Купиансктәи ахырхарҭаҿы: 150-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Krab", агаубица Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина Арбџьармчқәа рҽазыршәеит Амшын еиқәаҟны урыстәылатәи аграждантә ӷбақәа ирыжәларц
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭахеит 110-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Акация", Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 30-ҩык асолдаҭцәа, автомашьынақәа хәба, агаубица "Мста-Б".
Аоператив-тактикатә авиациеий, аракетатә ари, артиллериеи 97 артиллериатә ҟәша ааха рырҭеит, 106 раион рҿы аибашьцәеи атехникеи ааха рырҭеит, иҭархоуп азенит- ракетатә комплекс "Бук" аҭырҟьага.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла 11 аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәеи арадиолокациатә ракетақәа HARM рыхгәыцәқәа ҩбеи карыжьит. Иара убас аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 38 карыжьит.