Кындыӷтәи аминералтә ӡырԥха "Ажәҵыс" аҭааҩцәа ҭагылазаашьақәас ирзаԥҵоу, атуристцәа ҵыԥх иаҿырԥшны рхыԥхьаӡара еиҳау еиҵоу, шаҟа мааҭ иаԥсоу аӡырԥха аҭалара, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аусзуҩ Џьулетта Ҷҟәаниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, сынтәа Кындыӷтәи аӡырԥха "Ажәҵыс" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган: хаҳәцәыла ирҷаԥеит аҩнуҵаҟатәи амҩақәа, аҽеилыхырҭа аҭыԥқәа ҿыц иҟарҵеит.
"Агәҭакқәа ҳамоуп, амҩа ахаҳәцә ақәҵара, аӡҭарчқәеи, хыхьынтәи икаҭәо аӡқәеи, аҽеилыхырҭатә ҭыԥқәеи иҵегь рыцҵара ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит Ҷҟәаниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, иахьазы аӡҭарчқәа хәба ыҟоуп, урҭ бжьаратәла 10-20-ҩык рҟынӡа ауаа еицҭалар рылшоит, шаҟа аамҭа аӡырԥхаҟны иҟазар алшо, рхы шымҩаԥыргаша азы аҩырақәа кыдҵаны ирымоуп, убасгьы ирыдҵаало адырра рырҭоит.
Чҟәаниаԥҳа илҳәеит сынтәа аӡырԥха хатәы машьынала иаҭаауа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа ишеиҵоу. Аӡырԥха аҭаара адуцәа 300 мааҭ ирзаԥсоуп, ахәыҷқәа 200 мааҭ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.