Аԥсны

Аԥсны ԥхынгәымзазы абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа рыплан 17% рыла инагӡоуп

2023 шықәса бжьымз рыҩнуҵҟа ареспублика абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа ҳәа 2 451,9 млн мааҭ алагалан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Аԥсны ԥхынгәымзазы абиуџьет иалалеит 558,2 млн мааҭ, планла иарбан 478,5 млн мааҭ, иацҵан инагӡоуп 17% рыла, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит.
2023 шықәса бжьымз рыҩнуҵҟа ареспублика абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа ҳәа 2 451,9 млн мааҭ алагалан, планла иарбан 1 942,2 млн мааҭ. 126% рыла иацҵан инагӡоуп.
2022 шықәса ари аамҭахҵәа иаҿырԥшны 394,2 млн мааҭ еиҳаны иацны инагӡоуп.
Аԥсны араионқәа рҟынтәи бжьымз рыла абиуџьет иалагалаз ашәахтәшәарақәа

Араион/ақалақь

Аплан

Алагалақәа

Аҟәа

1 036,8 млн мааҭ

1 256,6 млн мааҭ

Гагра араион

425,4 млн мааҭ

708,0 млн мааҭ

Гәдоуҭа араион

170,0 млн мааҭ

196,5 млн мааҭ

Аҟәа араион

74,2 млн мааҭ

92,6 млн мааҭ

Гәылрыԥшь араион

53,1 млн мааҭ

68,7 млн мааҭ

Очамчыра араион

135,6 млн мааҭ

65,3 млн мааҭ

Тҟәарчал араион

19,7 млн мааҭ

23,6 млн мааҭ

Гал араион

27,3 млн мааҭ

40,6 млн мааҭ