Арадио

Чамагәуаԥҳа: аибашьраан ҳзызгәашьуаз хәыҷык иаҳзынамыгӡошәа збоит, сгәы снархьуеит

Sputnik
Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз амедиаҳәшьа Ламара Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" лҩызцәеи лареи шалахәхо, аибашьра лцара шыҟалаз, иахьатәи аԥсҭазаара хәыцрас илызцәырнаго атәы.
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны цәыббра 30 рзы имҩаԥгахоит. Абри атәы рҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа Sputnik имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы. Аиҿкааҩцәас иҟоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәцәа аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа, аилахәыра "А-Мобаил". Сынтәа акциа ареспубликатә мҽхакы амазаауеит, иҿыцу алагалақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит амедиеҳәшьцәа иҷыдоу аҭыԥ рзоужьра.
"Абри аибашьра иалахәыз амедиаҳәшьцәа 2-3% ракәзар ҟалап амедицинатә ҵара змаз, егьырҭ зегьы ҳахьрыхәо ак ҟалозар ҳәа ҳрыдгылеит (аԥсадгьыл ахьчаҩцәа-азгәаҭа). Амедиаҳәшьара мацара акәӡам, уа аиаҳәшьарагьы, анрагьы ныҟәалгеит амедиаҳәшьа. Ауаҩы игәы анкаҳауа, ивагыло даныҟоу, нас ахацәа анеивагылоу атәы хазуп, раҳәшьцәа анрывагылоу даҽакала иҟалоит. Излаҳалшоз ала ихәыз даныҟаз дҿаҳҳәон, гәырк ҟаҵатәызар иҟаҳҵон, ԥшыхәра ицаны икараханы ианааиуа, хәык ҟаҵаны иуҭаргьы, акы изаԥсоуп аибашьҩы. Иазгәасҭар исҭаху, аибашьра ианалага сызцыз, аҵыхәтәан уи Афон-Ешыратәи абаталион ҳәа архәҭа ҟарҵеит, аибашьцәа аӡәы игәы еиҭаԥаны "аиааира ҳазгом" ҳәа иҳәо исмаҳаит. Иара ҳара аҭыԥҳацәагьы ҳхаҿы имааицызт аибашьраҟны ҳара ҳаҵахуеит ҳәа", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара иахьа ишыҟацәҟьоу еиԥшым акәымкәа даҽакала ишазыԥшыз.
"Иҵегьы ҳаиӷьхозар, Аԥсны ԥхьаҟа иҳазгозар ҳәа акәын изызгәышьуаз ҳазлагылаз, иҭахаз ҳашьцәа зегьы. Аԥсны ахы иақәиҭтәны, ҳнапы еикәаршаны, аԥсуаа аҳәынҭқарра ргыланы, ҳӷьацаны иҟалоит ҳәа ҳгәыӷуан, убри хәыҷык иаҳзынамыгӡошәа збоит, сгәы снархьуеит. Иреиӷьыз ҳҵеицәа ҭахеит, инхаз ҳветеранцәагьы хәыҷык хылаԥшрада инхошәа, иатәарымбошәа збоит, уи гәыхьуп", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.