АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Внуково аҳаирпланқәа ртәареи рышьҭԥраареи рзы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхәуп, аҳаирбаӷәаза аамҭеихша инақәыршәаны аус ауеит.
Уи аԥхьа аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит, аамҭала аԥкрақәа шаланагало.
Внуково итәараны иҟаз аҳаирпланқәа рыхәҭак егьырҭ москватәи аҳаирбаӷәазақәа рахь ишьҭын.