Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гындиа Очамчыра ашколқәа рҭагылазаашьа иазкны

Sputnik
Аҵарашықәс ҿыц ааигәахоит. Очамчыра араион аҟны аҵаратә усҳәарҭақәа ирҭагылазаашьоу, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгоу, ирыгу-ирыбзоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа.
Хәажәкырамзазы Аракьыҽы иблыз ашкол ахыбра, ҳазҭоу амза 20 рзы аҵарашықәс ҿыц иазхиазаауеит, 77-ҩык аҵаҩцәа аднакылоит ҳәа иҳәеит Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы. Хара имгакәа ахыб рыԥсахраны иҟоуп Кындыӷтәи ашкол. Ҭемыр Гындиа иажәақәа рыла, сынтәа араион аҟны актәи аклассқәа рҿы 170-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ирзыԥшуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.