Аҟәантәи Ешыраҟа нхара ииасыз ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лҭаацәа ақыҭаҿы нхара зеиӷьыршьаз, лгәыбылра задҳәалоу, рынхара шеиҿыркааз, адгьыл аус адулара, аԥсабараҿы аҟазаара илнаҭо атәы.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.