Аԥсны

"Сгәалашәарақәа ирхылҿиааит": Sputnik апресс-центр аҟны иӡырган Саида Жьиԥҳа лышәҟәы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шаҳаҭра азызуа ашәҟәы "Ихәыз ахәыҷра" иагәылалеит усҟантәи аамҭазы ихәыҷқәаз 30-ҩык рҭоурыхқәеи ргәалашәарақәеи.
Sputnik
Ажурналист Саида Жьиԥҳа иазгәалҭеит ари ашәҟәы аҭыжьра гәҭакыс ишлоуз, аибашьраантәи лхатәгәалашәарақәа анылыҩ ашьҭахь.
"Аиааира 25 шықәса ахыҵраз исыҩыз сгәалашәарақәа ажурналисттә еицлабраҟны ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит. Убри ашьҭахь аидеиа сызцәырҵит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ихәыҷқәаз ирхыргаз, аибашьра аамҭа ирзыннажьыз ргәалашәарақәа аҭыжьра", - ҳәа лҳәеит Жьиԥҳа.
"Ихәыз ахәыҷра" ашәҟәы х-бызшәак рыла иҩуп. Аԥсшәахьынтә аҭырқәшәахь еиҭеигеит Октаи Ҷкотуа. Аурысшәахьынтә аԥсшәахь еиҭаргеит Елеонора Коӷониаԥҳаи Наала Хьециаԥҳаи, аԥсшәахьынтә аурысшәахь ахәҭак еиҭаргеит Зарина Басныкԥҳа-Коӷониеи Алина Жьиԥҳаи. Шәахәаԥш Sputnik апресс-центр аҟынтәи анҵамҭа.