Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба 2008 шықәсазы Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟаз аибашьразы

Sputnik
15 шықәса ҵит иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар арыцҳара ду рхыргеижьҭеи. Нанҳәа 8 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит, Қырҭтәыла иақәыӷәӷәаны аҭынчра иазхьанарԥшырц. Хәымш рышьҭахь нанҳәа 12 рзы, ақырҭуа ар атәыла иалцан. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Москва Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет азханаҵеит.
Аполитолог Беслан Ҳагба далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны уи аибашьра, Қырҭтәыла аҭынчра азкылгаразы Урыстәыла имҩаԥнагаз арратә аоперациа алҵшәақәа, уи шанырыз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи хаз игоу ихьԥшыму ҳәынҭқаррақәак раҳасабала разхаҵара, Қырҭтәыла аполитика агәрагара замам, Аԥсны Урыстәыла аҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы изықәныҟәатәу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.