Арадио

Кәыҵниа амцакрақәа рзы: ашоураан раанкылара цәгьоуп, арыцқьарақәа ус рымҩаԥгара иашам

Sputnik
Аҟәеи Аҟәа араиони иахьрыҵанакуа мчыбжьык аҩнуҵҟа амцакрақәа еизҳаит. Аарҩара аан ус еиԥш ахҭысқәа ирхылҿиаар зылшо ашәарҭара, аԥхын амца аҽарцәгьар, аанкылара ахьынӡауадаҩхо, уажәааны абылрақәа зхылҿиаауа ашоурақәа ракәу ауаҩы ихымҩаԥгашьоу далацәажәеит Аҟәа араиони ақалақьи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
"Мчыбжьык аҩнуҵаҟа 11 мцакра ҟалеит Аҟәа ақалақьи араион иахьаҵанакуеи. Ишыжәбо еиԥш, ашоура ӷәӷәоуп, акы амцаацраҵара даара ишәарҭоуп. Иҟоуп амца ацраҵаны арыцқьара мҩаԥызго, анаҩс амца хәыҷы амца ду ахылҿиаауеит. Ҽнак мацара ԥшьымцакрак ыҟан Аҟәа, Ачадара, Иашҭхәа, Алашарбага иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы. Убасгьы нанҳәа 7 рзы хынтә адырра ҳауит амцакра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы Иашҭхәа, Аҳабла ҿыц, Ҷанба имҩа. Ирласны адырра ахьҳауз иабзоураны амцақәа ырцәан, аха ас ашоурақәа раан акы амца ацраҵаны арыцқьара иашам, мамзаргьы иахьрыцқьам аҭыԥқәа амца рыцраҵаны иадҵны ианцо. Убасгьы ашоурақәа раан асаркьа ахькажьу амцақәа ркыр ауеит. Адырра ахьҳауз ҩыџьара арыцқьарақәа мҩаԥыргон, уи иахҟьаны амца рзаанымкылеит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.