Урыстәыла

Лыԥсҭазаара далҵит СССР Жәлар рартистка Иулиа Борисова

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. СССР Жәлар рартистка, асоветтәи урыстәылатәи актриса Иулиа Борисова 99 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит Вахтангов ихьӡ зху атеатр асаит.
Аԥсҭазаараҿ илԥынгылоз ауадаҩрақәа зегьы дыриааиуан, Вахтангов итеатр амуза. Дыҟан дагьаанхоит ахәаԥшцәа ргәы иҭымҵәо актриса дуны", - ҳәа ахәоит адырраҭараҿы.
Иулиа Борисова лырҿиара хацларкит Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҟны 1971 шықәсазы инаркны. Еицырдыруа иналыгӡоз лрольқәа ируакуп - апринцесса Турандот, Карло Гоцци ироман ала иқәыргылаз аспектакль. Борисова ари атеатр амаҵ азылуит 70 шықәса инеиҳаны. Акыр шықәса актриса аԥхьагылаҩс дыҟан, ирацәоуп иналыгӡаз ароль хадақәа.
Иулиа Борисова еиҳа дызлардыруа усумҭоуп, 1958 шықәсазы иҭыҵыз афильм "Идиот" аҟны Настасиа Филипповна лроль.