Арадио

Арџьениаԥҳа еиҭалҳәеит Санкт-Петербург арҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара шеиздырҳауа

Sputnik
Жәохә тәыла инарзынаԥшуа аурыс бызшәеи алитературеи амаҭәар арҵаҩцәа нанҳәа 7 инаркны 18 нӡа Санкт-Петербург рзанааҭтә ҩаӡара еиздырҳауеит. Акурсқәа рымҩаԥгара еицеиҿыркаауеит Россотрудничество, афонд "Русский мир", Урыстәыла ҩадатәи аҳҭнықалақь адәныҟатәи аимадарақәа рзы аилаки.
Санкт-Петербург имҩаԥысуа ауснагӡатә Аԥснынтәи иалахәуп аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа Нино Елиава, Џьамила Ҭорҭиа, Татиана Арџьениаԥҳа.
Лыхнытәи абжьаратә школ арҵаҩы Татиана Арџьениаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит азанаҭтә ҩаӡара аизырҳара шымҩаԥысуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.