Урыстәыла

Лыԥсҭазаара далҵит Вера Василиева

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. СССР жәлар рартистка Вера Василиева 97 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Асатира атеатр.
"Ҳтеатр аҿы арыцҳара ҟалеит: лыԥсҭазаара далҵит Вера Кузьма-иԥҳа Василиева. Зегь бзиа еицаабоз Верочка. Лыуацәеи лҭынхацәеи ҳрыдашшылоит. Ҳрыдашшылоит лҟазара бзиа избоз", - аҳәоит атеатр аофициалтә саит.
Вера Василиева диит цәыббра 30, 1925 шықәсазы. 1948 шықәсазы далгеит Москватәи ақалақьтә атеатртә ҵараиурҭа. Иара убасҟан аусура далагеит Москватәи академиатә Асатира атеатр.
Артистка дызлахәыз 40 фильм рыла деицырдыруеит. Урҭ иреиуоуп: "Свадьба с приданым", "Сказание о земле сибирской", "Звезда экрана", "Карнавал", "Пока цветет папоротник", "Деревенщина".