Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сарсаниаԥҳа Аҟәа араион аҟны ашколқәа рҭагылазаашьа атәы

Аҟәа араион аҿы аҵараусҳәарҭақәа рхыбракәа ирҭагылазаашьоу, ашколхәыҷкәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, арҵаҩцәа ахьазымхо ашколқәа арбану еиҭалҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа.
Sputnik
Аҟәа араион аҟны ашколқәа жәаба ыҟоуп. Ҵыԥх урҭ ирҭан 475-ҩык аҵаҩцәа, сынтәагьы рхыԥхьаӡара шамахамзар аҽаԥсахӡом, актәи акласс ахь ицо 22-ы ыҟоуп, хҩык рыла еиҵоуп ҵыԥх иаҿырԥшны, лҳәеит Сарсаниаԥҳа. Лара иазгәалҭеит Аҟәа араион аҟны ахыҷбаҳчақәа шыҟам. Ашколқәа ԥшьба рҿы аҽазыҟаҵаратә классқәа рҟны ирзыԥшуп 25 ахәыҷқәа.
"Ҳашколқәа зегьы, шамахамзар, акапиталтә ремонт зҭахым ракәӡам, аха ҳалшарақәа шыҟоу еиԥш ацхыраара роуеит. Арҵаҩцәа рыла ҳахьеиқәшәам ашколқәагьы ыҟоуп. Шыцкәаратәи ашкол аҟны аурыс бызшәеи алитературеи дзырҵо даҳҭахуп, уахь излацо излаауагьы автобус ыҟоуп. Абаҩрҵәыра арҵаҩы даҳҭахуп ҩ-школк рҿы, ахимиа амаҭәар рызҭо даҭахуп Иашҭхәатәи абжьаратә школ аҟны, аԥсуа бызшәа арҵаҩы даҳҭахуп Ԥсҳәытәи абжьаратә школ аҟны", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.