Аԥсны аихамҩа аԥхын аамҭазы аусура шышьақәгылоу, аидарамҩангара шеиҿкаау, аихамҩатә инфраструктура аиӷьтәразы лшарақәас иҟоу уҳәа азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аихамҩатә усбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Аԥхын аиаанӡа шықәсыбжак шагу адәыӷбақәа рныҟәара шьақәырӷәӷәаны иҟаҳҵоит, убасгьы аидарамҩангагақәа рзгьы. Урҭ ҳара еснагь ишаҳҭаху еиԥш иаҳзаагаӡом, Урыстәыла рграфик аҟны ҳаҟоуп цәаҳәак ала аидармаҩангага ааразы, уи аконтеинер ала аума мамзаргьы вагонқәак роума, ҽнак акы ааҳгаратәы алшара ҳамоуп. Рхыԥхьаӡара иацҵатәызар, аицәажәара мҩаԥаҳгоит. Абас ала ашықәс иалагӡаны иааҳго иаҳго ҳәа аплан ҳамоуп", - иҳәеит Ҟәыруа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь