Урыстәыла

Самаратәи аобласт аҟны инхо аҳәынҭқарра аԥсахраз даанкылоуп

Ашьаус хацыркуп УА Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 275 ("Аҳәынҭқарра аԥсахра") инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Самаратәи аобласт аҟны инхо Урыстәыла ашәарҭадара иаҿагыло аусқәа мҩаԥигон ҳәа Урыстәыла афедералтә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, атәылауаҩ ихалаԥшьгамҭала украинатәи амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ ишизынаишьҭуаз арратә ешелонқәа рфотосахьақәа, иахьҭыхыз аҭыԥи атехника ахыԥхьаӡареи арбаны.
Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәеи аусҭҵааратә усқәеи мҩаԥыргоит.