Аӡахәааӡара акультура ҳмилаҭ жәытәнатә аахыс изыҿлымҳаз акакәны иҟоуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа зны еизҳауан, зны еиҵахон уи ашҟа ауаа иаадырԥшуаз азҿлымҳара. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ажь ааӡареи, аҩы аҭаҭәареи аиҳабыратәи абиԥара ирымырдо иалагеит аҿар. Ари атрадициа бзиа шьҭызкаауа аӡахәааӡаҩцәа Сандро Аӡынбеи Алмас Адлеибеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит иарбан жьхкқәоу аус здыруало, аҩыҟаҵараан изықәныҟәо, гәҭакқәас ирымоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.