Урыстәыла

Киев Москва аганахь ала имҩаԥнагаз атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаауп

Москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково ашәарҭадара аиҿкааразы аамҭала аусура аанкылан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Нанҳәа 11 рзы Киев Москва аганахь ала имҩаԥнагаз атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
БПЛА арадиоэлектронтә ҿагылара ахархәарала икажьуп Москва ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭа абнараҿы. Атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаараан аӡәгьы ԥырхага имоуит, акгьы ԥырхага амоуит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ажәылара шаԥшьгаз шьақәирӷәӷәеит аҳҭнықалақь ахада Сергеи Собианин. Иара иҳәеит БПЛА аԥҽыхақәа Карамышевсктәи араион аҿы икаҳаит ҳәа.