Арадио

Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа иахьазы ирылҵшәоу

Маркәыла иҟоу ижәытәӡатәиу абааш акәша - мыкәша 10 шықәса раахижьҭеи имҩаԥысуа археологиатә ԥшаарақәа сынтәа ирыцҵоуп. Ԥхынгәымза аахыс имҩаԥырго ажрақәа рцашьа, ирԥыхьашәаз амаҭәарқәа, ирбарц изықәгәыӷуа атәы далацәажәеит аҟазараҭцааҩ, археолог Сурам Сақаниа.
Sputnik
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит Маркәыла 10 шықәса раԥхьа ажрақәа анхацдыркуаз, уа игылоу Алаҳаш-абаа азы ирымаз адыррақәа реизырҳара шрылшаз. Убас еилкаахеит абаа ааигәа иҟоу ауахәама ажәытәӡатәиқәа ишреиуоу а-IV-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны а-V-тәи ашәышықәса ишҭаӡоу. Убасгьы антрополог дааԥхьаны ишьақәыргылан ижәытәӡатәиу анышәынҭрақәа рҟны ишжыз аԥсуаа иртәышьҭроу ауаа.
"Сынтәа иаҳҭахуп аԥхьа аԥсыжраан ирыцырҵоз амаҭәарқәа ҳаԥшаарц, насгьы ақьырсианра шьақәгылаанӡа уаҟа аныҳәарҭа ыҟан ҳәа ҳҳәаратәы иҟоуп. Уа иаҳԥшаахьан а-IV-тәи а-V-тәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа амаҭәарқәа, аџьаз иалху аиха а-VII-тәи ашәышықәса иаҵанакуа, убасгьы аџьаз напхаҵа. Уи агәра ҳнаргеит аҭыпаҟны жәынгьы-ҿангьы ауаа шынхоз. Археологиатә матәарқәа рыла ишьақәҳаргылеит ианеиҵаха а-V-тәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡеи а-ХV-тәи ашәышықәса ақьырсианра аамҭа аҟынӡа инеиԥынкыланы ауаа шынхоз. Сынтәа иахьаҳжуа иманшәаланы ҳрықәшәеит абырзенцәа рхаан иҟаз алк еиқәаҵәа иалху амаҭәарқәа, иуҷабыр храҿак злыҵуа, уи ҳера ҟалаанӡа ахәбатәи ашәышықәса иаҵанакуеит. Уи авараҿы аҳәаа рыбжьаӡамкәа иҟоуп аурымцәа рхаантәи(I-II-тәи ашәышықәсақәа ҳеразы) акыцлых ԥҽыхақәа алак ҟаԥшь зыхьшьу", - иҳәеит Сақаниа.
Археологиатә жрақәа сынтәа даҽа жәамшҟа имҩаԥыслоит, иҳәеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.