Арадио

Аԥырҩы Гьерзмаа игәалаиршәеит Кәыдры аҩхаа аҭарцәра шымҩаԥысуаз

Кәыдрытәи аҩхаа ҩадатәи ахәҭа ҭадырцәиижьҭеи сынтәа 15 шықәса ҵит. Уи амш зырааигәаз ахҭысқәа рыҿиашьа, убасгьы аоперациа хәшьарас иаиҭо атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны арратә ԥырҩы Нури Гьерзмаа.
Sputnik
Ԥхынгәы 25 2006 шықәсазы Қырҭтәыла аполициатә аоперациа аҳасабала Кәыдры аҩхаа ҩадатәи ахәҭахьы иаланагалеит атәылахьчареи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рдепартамент архәҭақәеи. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Кәыдры ҩадатәи ахәҭаҟны иҟаз ақырҭцәа рыруаа рхыԥхьаӡара 1 500 инаркны 3 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Қарҭ хықәкыс иаман Кәыдры аплацдарм еиҿкааны Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа анеира, аҳаиртә баӷәаза аанкылара, Гал-Аҟәа ахырхарҭала Қырҭтәыла аршьаҟауаа ргәыԥ қәҿиарала рныҟәара алыршаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Кәыдрытәи аҩхаа ҩадатәи ахәҭа аҭарцәразы арратә операциа еицымҩаԥыргеит аурыси аԥсуа аруаа. Уи иалҵшәаны Аԥсны аҵакыра зегьы ҭарцәын ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә. Анаҩс, нанҳәа 26 рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсны ахәынҭқарра ахьыԥшымра.
Кәыдры аҩхаа аҭарцәразы имҩаԥгаз арратә операциа иалахәыз аԥырҩы Нури Гьерзмаа урҭ ахҭысқәа игәаларшәо иазгәеиҭеит, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь илагала, шьакаҭәарада аԥсуаа рыдгьылҵакыра рнапахьы иааргаратә аҟаҵаразы.
"Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь политикала иныҟәеигеит уи аус, усҟак аиҿагылара ӷәӷәаны иҟамлеит. Аруаа, Мераб Кьышьмариа иоума, русгьы маҷӡам. Ҳаруаа рганахьала машәырла аӡә дҭахеит. Егьыс аус маншәаланы имҩаԥган. Сара авертолиот Ми-8 ала адесант мҩаԥызгон. Аибашьыгатә вертолиот Ми-24 ҳамҩаԥигон, ҳара ҩ-ԥрыгак рыла аҵԥрааратә ҭыԥқәа 106, 107 рҟынтә адесант ганы иоуҳажьуан Чхалҭа ашкол аԥхьа аӡы ахықә аҟны. Хынтә-хынтә ҳабжьысыр акәын, хәынтә сыбжьысит", - ҳәа игәалаиршәеит Гьерзмаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.