Аԥсны

Аҟәа асасааирҭатә ҩны амца акит

Абылра зыхҟьази ааха заузи ҳәа дырра ыҟам.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Аҟәа Ақырҭаа имҩаҿы игылоу асасааирҭатә ҩны амца акит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Амцакра шыҟалаз азы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит ашәахьа нанҳәа 14 асааҭ 12:39 рзы.
Амцарцәара иаҿуп амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба.