Урыстәыла

Аӡбарҭа украинатәи аруаҩ 15 шықәса иқәнаҵеит ЛЖәР аҿы аҩнқәа дахьреихсуаз азы

Гәҩарас ирымаз аҭынч уааԥсыра гәымбылџьбарала дрызныҟәон, арратә еимакы аан зхархәара ҟамло аметодқәа ихы иаирхәон, азеиԥш шәарҭара ҟаҵаны атәым мазара гәҭакрала ааха аиҭеит ҳәа ахара идырҵеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспублика аӡбарҭа Украина Арбџьармчқәа хаз игоу 10-тәи ашьха-жәыларатә танктә рота адҵаҟаҵаҩ Владимир Казиук 15 шықәса аҭакра иқәнаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы.
Адырра ҟарҵоит Казиук ирхәҭа 2022 шықәса рашәара 1-5 рзы абнара иҟан аиланхарҭа Врубовка быжь-километрак инацәыхараны, усҟан уа иҟаз шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра украинатәи аруаа иалҵны ицар руӡомызт.
Аруаа изеихсыша ахыбрақәа ахьыҟоу азы акоординатқәа рзынарышьҭит. Уи ашьҭахь дара 25-нтәи аԥҽыха-фугастә снариадқәа рыла ауаа зыҩназ аҩнқәеи азеиԥш хыбрақәеи ирықәкны ихысит.
Ашьаусԥшааратә еилакы адырра ҟанаҵоит аҭынч уааԥсыра ишрылахысуа азы ашшыԥхьыӡқәа шроуазгьы, украинатәи аруаа уи иахымхәыцкәа ирҳәон ирымоу адокументқәа рыла ауаа зегьы ахыҵны ицахьеит ҳәа шырдыруа.
Иҟаиҵаз ацәгьоуразы Владимир Казиук иҿы иқәшаҳаҭхеит, иҟаиҵаз игәы иалоуп.