АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Шьамтәыла ахада Башар аль-Асад иԥшәмаԥҳәыс Асма аль-Асад илыдылныҳәалеит асабицәа рлымҳа цқьа иаҳауа иамаҳауа еилызкаауа, уи ианаамҭоу ахәшәтәра алзыршо амилаҭтә медицинатә социалтә платформа аусура иахьалалыргаз. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Шьамтәыла, иааидкыланы адунеи аҿы аҭагылазаашьа шымариамгьы, шәара излашәылшо ала, шәгәы камыжькәа аҵак ду змоу аусура анагӡара шәаҿуп. Шәара аус рыдыжәулоит апрограммақәа рацәаны, агәыҳалалратә фондқәа, ацхыраара зҭаху зегьы адгылара рышәҭоит: аибашьра ибжаны иннажьыз ауаа, аиаҭымцәа, ачымазцәа, аӷарцәа. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы инашәыгӡо аус аҿы гәыкала сышшәыдгылоугьы шәасҳәарц сҭахуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Илымаз аҭагылазаашьа лхы иархәаны Ахьиԥҳа Асма аль-Асад лымшира лыдылныҳәалеит, лареи илзааигәоу зегьи ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, агәамч, аус бзиақәа рынагӡаразы алшара, Шьамтәыла ажәлар ракәзар - аҭынчреи аизҳазыӷьареи.