Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Адлеиба ақыҭаҿы аԥсҭазаара аиқәырхара иазкны

Sputnik
Отаԥ ақыҭан иахьазы 40 ҭӡы роуп инхо, убри ажәытәан анхарақәа аанзыжьхьаз рыдгьылқәа еиҭашьақәдыргылоит. Анхаҩы Ҭенгиз Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭан иҟоу аҿиара атәы, убри аан анхацәа раалыҵ аҭиразы ирымоу ауадаҩрақәа, урҭ ӡбашьас иҟоу ҳәа ирыԥхьаӡо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.