Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг аибашьра раԥхьатәи амшқәа ирызкны

Аибашьра ианалагаз амш, уи иацааиуаз ахҭысқәа, Аԥсуа телехәаԥшра уи аамҭазы аусура уҳәа ирызку игәалашәарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Sputnik
31 шықәса шцахьоугьы, аибашьра раԥхьатәи амш зегь реиҳа сгәалашәараҿы иаанханы иҟоу мшуп, иахьа уажәраанӡа минуҭла исгәалашәоит ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Ҳашыг.
"Амза 12, 13 рзы еиуеиԥшым аинформациа иҟан Қырҭтәыла аиҳабыра иалаз ауаа иҭҟәаны Гал иҵәахны ирымоуп ҳәа. Хымԥада, ари даҽа шьаҿак шахылҿиаауаз еилукаартә иҟан. Аха, мчрак аарышьҭуазаргьы, Гал инҵәап ҳәа ҳаҟан. Убас ҳаиԥшны уи аинформациа ахәшьара аҳҭон. Гал инҭыҵны абри аҩыза аформа шьҭнахуеит ҳәа агәрагара уадаҩын. Урҭ амшқәа рзы дааны дыҟан ажурналист Сергеи Шатунов. Амза 13 рзы Охәыреи иҭихит аррамаҵзура зхызгоз, аухагьы Актәи аканал аҿы идырбан. Иара иҳәеит Қырҭтәыла операциак аԥшьыргаран ишыҟоу, аԥсуа аруаа агәҽанызаара шрымоу атәы. Иахьа салаҽхәаны исҳәар сылшоит Аԥсуа телецентр аредакциақәа зегьы, Аԥсны аинформациатә хархәагақәа зегь раԥхьа ишгылаз аибашьра амшқәа зегьы. Ҳаибашьцәа иааҟарҵоз зегьы аҭоурых иазынрыжьит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Руслан Ҳашыг еиҭеиҳәеит аибашьра раԥхьатәи аидысларақәа ркадрқәа шҭырхуаз, аибашьра ишалагаз азы ажәабжь рыман ишҭыҵыз, Владислав Арӡынба ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара шҭарыҩуаз атәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.