Аԥсны

Урыстәыла АдәАР ихаҭыԥуаҩ Галузин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырԥылеит

Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи раԥхьаӡа иахазҵаз тәылоуп, ари ахҭыс ҟалеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиеви дырԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Москва иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа.
Аиԥылараан минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 2008 шықәса нанҳәа 7-8 руха Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәлаз иҭадырхаз ауааԥсыра.
Уи адагьы, аганқәа алацәажәеит аҩреспубликак разхаҵара 15 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаашьа атәы, иара убас иазгәарҭеит Аҟәеи, Цхинвали, Москвеи русеицуреи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара шаҭаху атәы.