Аԥсны

Аиааира ҳацызчаԥаз: Аҟәа имҩаԥысит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа

Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭоит нанҳәа 15 рзы. 1992 шықәса рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи амш азы ҳашьцәа Нхыҵ Кавказаа раԥхьатәи ргәыԥ ааны иҳавагылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазкыз аусмҩаԥгатә, уи иалахәын атәыла аиҳабыра, аветеранцәа, ауаажәларра.
"Ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳара аиашьаратә жәларқәа ашәарҭара ҳанҭагылоз, акзаара ааҳарԥшуан, аишьцәа рыжәҩахыр еибырҭон, ршьа аус ауан, рдоуҳа аус ауан, еивагыланы аӷа дԥырххаауан", - иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, еизаз аԥсшәа раҳәо.
1992 шықәса нанҳәамза 15 инаркны ахатәгәаԥхаҩцәа аара иалагеит, урҭ зынӡа ҩ-нызқьҩык инареиҳаны иҟан, дара аԥсуа ирывагыланы Мрагыларатәии Мраҭәашәаратәи афронтқәа рҿы еибашьуан. Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи иааз ҳашьцәа рыцхыраара даара акраҵанакуан, амч ҳарҭон, ҳгәы азҭарҵон иҳәеит иара.

"Хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз ҳашьцәа рфырхаҵара хьтәы нбанла ҳара ҳҭоурых адагьы, Кавказ зегьы аҭоурых аҿы ианызаауеит, урҭ ргәымшәара кавказаа рдоуҳа аиҭаҿиара иасимволуп. Зыԥсҭазаара Аԥсны иахҭнызҵаз ҳашьцәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит", - иҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Атәылахьчара аминистр ицхырааҩ Илиа Гамсаниа инаҵшьны иҳәеит ахатәгәаԥхаҩцәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҟарҵаз алагала ахәшьара шыуадаҩу, урҭ рыбжьара ишыҟаз милаҭрацәала арԥарцәа.
"Дара аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы абрахь иахьааз даара ҳгәы шьҭнахит. Урҭ ашьха ихыҵны иаауан, реиҳараҩык рҭаацәагьы араҳәаха рмоуит иахьцоз. Дара ргәы-рыԥсы ирыҵанаҳәон рашьцәа рыԥсадгьыл аиқәырхараҟны ирыцхраар шакәу", - иҳәеит Гамсаниа.
Аԥсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Уаанӡатәи Аԥсны Атәылахьчара аминистр Виачеслав Ешба Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны иҷыдоу мшуп ҳәа ахиҳәааит.
"Даара иуадаҩын аибашьра ианалагаз арахь Нхыҵ Кавказынтәи Сулҭан Сосналиев иеиԥш иҟоу ҳашьцәа раԥхьагылацәа раара. Усҟан Аԥсны иҟаҵәҟьаз аҭагылазаашьа цқьа аӡәгьы издыруамызт, аха хатәгәаԥхарала иҳацеибашьырц зыӡбаз ҳашьцәа ргәы меиҭаԥакәа ҳара ҳахь идәықәлеит", - иҳәеит Ешба.
Ажәахәқәа рышьҭахь ахәаԥшцәа иддырбеит атеатрттә қәгылара "Позывной 12", уи изкын хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьагыла аинрал Сулҭан Сосналиев.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Алада Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспораҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз 2300-ҩык ҳашьцәа.
Урҭ рахьтә 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык - "Агәымшәаразы" амедаль. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьуаз.
Хатәгәаԥхарала аибашьра уалԥшьан: Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи игәалашәарақәа