Аԥсны

Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа" ҭадырхеит

Аснаиперцәа аҽыҵәахратә ԥышәа еиӷьыртәуан аԥсабаратә ландшафт аҷыдара рхы иархәаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхара иаԥну абнараҿы "адиверсантцәа" ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Аррамаҵзурауаа иԥхасҭартәит "аӷа" икоммуникациақәа ацифратә еимадареи анавигациақәеи рхархәага "Грот-М", аԥшыхәреи аимадареи ркомплекс "Стрелец" рхы иархәаны.
Иҭарыԥшыхәит аӷа имаршрутқәеи дахьгылоу аҭыԥи. Абри ашьҭахь адиверсантцәа ирхаҩеит. Урҭ акәылӡтехника иахьчоз аснаиперцәа ҭадырхеит.