Аԥсны

Аслан Бжьаниа Даӷьсҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы дрыдышшылеит

Махачкала абылтәыҭаҭәарҭаҿы аԥжәара ҟалеит нанҳәа 14 ауха. 35-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, еиуеиԥшым аахақәа роуит шәҩык инарзынаԥшуа. Аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Даӷьсҭан ахада Сергеи Меликов ихьӡала ашәҟәы наишьҭит иҭахаз рҭаацәа дрыдышшыло. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны ажәлари хаҭала сареи ҳахьӡала иҭахаз рҭаацәа, ргәакьацәа, аиашьаратә республика Даӷьсҭан иқәынхо ажәлар зегьы сшәыдышшылоит. Аахақәа змоу иаарласны шәгәабзиара шьақәгылааит", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы атекст аҿы.
Амца ахы акит абылтәы зҭаз ацистернаҿынтә, анаҩс абылтәыҭаҭәарҭахь ииасит. Ацистернақәа ааба рҟынтәи ҩба ԥжәеит. Иҭахази ааха заузи рыбжьара иҟоуп ахәыҷқәагьы.
Аиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара ирылҵшәаны амца ааныркылеит иара амҽхак 600 метр ԥшьыркца ианынаӡоз. Иааидкыланы ааха рыманы ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп 100-ҩык инареиҳаны, урҭ рҟынтәи 35-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Урыстәыла
Махачкала иҭахаз рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынӡа инаӡеит