Аԥсны

Аԥснытәи арҵаҩы Нижни Новгород аҟазара аизырҳаразы акурсқәа дырхысит

Акурсқәа еиҿкаан Нижегородтәи аобласт аиҳабыреи Россотрудничествеи рыдгыларала. Дара мҩаԥысуан х-университетк рбазаҿы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аҟәатәи абжьаратә школ №6 аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Милана Аргәынԥҳа Нижни Новгород ақалақь аҿы аҟазара аизырҳаразы акурсқәа дырхысит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Лара дырзыӡырҩит алекциақәа абызшәа арҵара аметодикеи арҵаратә ус аҿы акоммуникациақәеи аинновациатә рҵаратә технологиақәеи рҟны аҭҵаарадырратәии акультуратәии дипломатиа атехникеи рметодикеи.
"Акурс акыр иҭбаан, аинформациа рацәа аман, аурыс бызшәа апрактикеи ҳаамҭазтәи актуалтә проблемақәеи ирзааигәан. Иара убри аан аматериал азнагашьа мариан, ирацәан аҿырԥштәқәа, арҵаҩы хаҭалатәи азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дазыхиан", - ҳәа еиҭалҳәоит Аргәынԥҳа.
Акурсқәа мҩаԥысуан х-университетк рҿы: Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә университет (ННГУ), Минин ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә педагогикатә университет (НГПУ), Добролиубов ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә лингвистикатә университет (НГЛУ). Акурсқәа ирылахәын 7 тәылак рҟынтәи 26-ҩык арҵаҩцәа.