Аԥсны

Атуризм аминистрра Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы атуристцәа аангылалар ҟалом ҳәа аусԥҟа ҭнажьит

Аусбарҭа ахада Ҭеимураз Хышба абри аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны асасцәа ршәарҭадаразы, избанзар ари аҭыԥ аҿы ахаҳә лассы-лассы икыдҩырны илеиуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Атуризм аминистрра Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк аҿы Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы атуристцәа амашьынақәа ааныргыланы ирҭыҵлар ҟалом рҳәеит. Абри азы адырра ҟанаҵеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ари аԥҟара иаҵанакуеит аекскурсиақәа мҩаԥызго аиҿкаарақәеи хаҭалатәи анаплакцәеи. Уи анагӡараҟны ацхыраара ҟарҵоит Аԥсны АҩАР.
Рашәара 4 рзы ари аҩхааҿы ахаҳә леин, Урыстәыла атәылауаҩ иқәҳан дҭахеит, ҭыԥҳак лшьапы ԥҵәаны ахәшәтәырҭа дҭашәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы ирыҩуан ҩаԥхьа ахаҳә леин, амашьына ԥнаҽит ҳәа.