Урыстәыла

Ҩажәижәаҩык ҭахеит Махачкала абылтәыҭаҭәарҭаҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны

Иҟалаз зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит, нанҳәа 15 ареспубликаҿ алахьеиқәра иамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Ҩажәижәаҩык ҭахеит Даӷьсҭан аҳҭнықалақь Махачкала абылтәыҭаҭәарҭаҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, АҶА апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Амцакра ҟалеит нанҳәа 14 ауха. Аҭыԥ аҿы аус руан аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи.
"Авариа-еиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара иалҵшәаны даҽа хҩык иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит. Иааидкыланы ааха роуит 105-ҩык, урҭ рҟынтәи 30-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Амца ахы акит абылтәы зҭаз ацистернаҿынтә, анаҩс абылтәыҭаҭәарҭахь ииасит. Ацистернақәа ааба рҟынтәи ҩба ԥжәеит.
Иҭахази ааха заузи рыбжьара иҟоуп ахәыҷқәагьы. Амцарцәаҩцәа амца арцәара рылшеит иара амҽхак 600 метр ԥшьыркца ианынаӡоз. Ашьаус хацыркуп.